ru24.pro
World News in Abkhazian
Май
2018

Новости за 28.05.2018

Меҳмеҭ-Али Доҳмаа: аԥсуаа рхеидкыла хаз комплексны аргылара ҳгәы иҭоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҭырқәтәыла, аҳҭнықалақь Анкара иахьа Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа 15 нызқьҩык нхоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуаагьы. Анкаратәи аԥсуа Дернеқь аиҳабы Меҳмеҭ-Али Доҳмаа иаҳзеиҭеиҳәеит, ахеидкыла аусушьеи, ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы.

Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа мифологиаҿы иҟоуп анцәахәқәа ауаҩы ицәа (сон- аред.) хылаԥшра азҭо, урҭ Напкылҵәеи Цәаблаҟи ҳәа ирышьҭоуп. Анцәахәқәа реиԥшымзаара, ашьыжь агылара зцәыуадаҩу ирзыҟаҵатәу абарҭқәа дырзааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит ҳџьынџьуаҩ Раҳми Арӡынба Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа дааижьҭеи. Дынхоит Ачадара ақыҭан. Адгьыл ақәаарыхра бзиа ибоит, аԥсабара дазааигәоуп. Ҩыџьа арԥарацәа драбуп.