ru24.pro
World News in Abkhazian
Май
2018

Новости за 22.05.2018

"Актриса лмонолог": Виолетта Маанԥҳа лырҿиаратә мҩа иазку ашәҟәы ӡырган Аҟәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟазараҭҵааҩ Светлана Корсаииаԥҳа иҭлыжьеит Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳа илызку ашәҟәы "Актриса лмонолог". Уаҟа автор иалырбеит акырӡа ибеиоу актриса лыҩныҵҟатәи адунеи.

Корсаиаԥҳа: актриса ду лышәҟәаҟны акгьы "ауанҭа ахьшьӡам"

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ашәҟәы "Актриса лмонолог" автор, аҟазараҭҵааҩ Светлана Корсаииаԥҳа Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит хықәкыс ишлымаз Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳа акыр ибеиоу лыҩныҵҟатәи адунеи аарԥшра, илҿахәҳәагоу ашәҟәы аҭыжьра.

Қецԥҳа: амҳаџьырра ицаны ихынҳәыз лкасы амузеи иаҭоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аиҳабы Белла Кецԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар ргәалашәара амш алымҭалазы амузеи ҳамҭас ишаҭаз Ҭырқәтәылаҟа иахгаз, аха зыҩныҟа ахынҳәра зылшаз лкасы.

Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Џьгьарда ақыҭантәи ихырҵәаз Ҭамшә Ажьиба ихшара ирхылҵшьҭроу, иахьа Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иатәу Қаиалар, аԥсуаа Хәаԥ ҳәа изышьҭоу ақыҭан инхо 108 шықәса зхыҵуа Лиуҭфи Ажьиба, изныкымкәа иашьцәа ибарц азы Аԥсныҟа ацара иақәикхьан, аха иԥсҭазаара иацлаз арыцҳарақәа имҩа адыркит.

Чачхалиаԥҳа: Аиааира амш араион ақыҭақәа рҟынгьы инарҭбаан иазгәаҭахоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара аиуеижьҭеи жәашыкәса аҵреи, Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 25 шықәса ахыҵреи раҳаҭыр азы араион аҟны иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ртәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

Рауль Ҳаџьымба Ҷлоу ақыҭа даҭааит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Лаҵарамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион ахь аинспекциатә ныҟәара мҩаҧигеит. Игәеиҭеит Ҷлоу ақыҭан аӡымҩангага арҿыцра-ргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа.

Аԥснытәи акаратистцәа жәаха иааира ргеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Шәача ақалақь аҟны лаҵара 19-20 рзы имҩаԥысуаз карате кекусинкаи азы ахәыҷтәы турнир "Открытый татами" иалахәыз ҳаспортсменцәа ҿарацәа жәаха иааира ргеит.