ru24.pro
World News in Abkhazian
Октябрь
2018

Новости за 30.10.2018

Дбарԥҳа: Иура Аргәын еснагь гәыҵхас иман аԥсуа диаспора

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҵарауаҩ Сима Дбарԥҳа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭа игылаз Иура Аргәын дылгәаларшәо иазгәалҭеит уи еснагь гәыҵхас ишимаз аԥсуа диаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл радԥхьалара. Аҵарауаҩ Иура Аргәын диижьҭеи 80 шықәса ҵит иахьа.

Ԥлыиа: арепрессиақәа раан аԥсуаа шьаҭанкыла рықәхра иашьҭан

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рассоциациа ахантәаҩы Анатоли Ԥлыиа, арадио Sputnik аҟны харада ахара зыдҵаны аҩажәатәи ашәышықәса ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы идырӡыз рыӡбахә далацәажәо иазгәеиҭеит, усҟан ҳажәлар шьаҭанкыла рықәхра, рмилаҭтә хдырра арӡра гәҭакыс ишыҟаз.

Кәарцхьиаԥҳа: еилкаахоит абжқәа иркыз апальмақәа реиқәырхара алшо, иалымшо

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа ақалақь аҟны абжы ҟаԥшь ааха знаҭаз апальмақәа рыхәшәтәра залыршахозар еилкаахоит аамҭак ашьҭахь ҳәа азгәалҭеит аҵиаақәа ахәшә рықәтәара шцоз зыблала избаз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.

Аԥсны иргәаладыршәоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Рымш. Аԥснытәи Ассоциациа адыррақәа рыла, ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахара рыдҵан иҭархан быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа.

Аргәынԥҳа Ҭаҭарсҭантәи афестиваль азы: апрофессионалтә еицәажәара ҟалоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит Ҭаҭарсҭан Жәларбжьаратәи афестиваль рхы шаладырхәуа, Искандер иҩымҭала ақәыргыламҭа "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" шыддырбо.

Иҟамызт еилатәарак игәаанагара мҳәакәа дахьцахьаз: Иури Аргәын игәалашәаразы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иури Гәдиса-иԥа Аргәын диит жьҭаара 30, 1938 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, аетнограф, апрофессор, ауаажәларратә усзуҩы… Ирацәоуп ари ауаҩ ихҳәааны иҳәатәу. Иахьа иара иԥсы ҭазҭгьы 80 шықәса ихыҵыр акәын.

Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа ақалақь ахада бжьыҭарала ажәлар далырхуа аҟалара иаԥсоу иаԥсаму ҳәа ареферендум амҩаԥгареи, иааидкыланы Аԥснытәи алхрақәа зегьы ирымоу аҩ-ганки дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.