ru24.pro
World News in Abkhazian
Октябрь
2018

Новости за 18.10.2018

Амҷԥҳа еиҭалҳәеит Берлинтәи аконференциаҿы Аԥсны аибашьра аӡбахә шҳәаз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭоурых азы иҳьанҭоу арегионалтә конфликтқәа рзакәанқәа Мрагыларатәи Европа атәылақәа рҿы ҳәа хьӡыс измоу аконференциа мҩаԥысит Берлин. Ахәҭакахьала уа иазааҭгылан Аԥсны аибашьра атемагьы. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.

Џьыкырԥҳа: Аԥсны ахыи-аҵыхәеи рҟынтә еидаҳкылон иҭахаз аибашьцәа рсахьақәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гәдоуҭа араионаҿ аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртуа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рџьыџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аҿы ицәыргахо атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит амузеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.

Џьынџьиа: Урыстәыла аҳәаа иахыгахо аалыҵқәа ирыцзароуп ирыхәҭоу асертификатқәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит ауҭраҭыхи ашәыри Аԥснынтә Урыстәылаҟа аҳәаа ахыгаразы иҟоу аԥҟарақәа ртәы.

Инџьгьиа Владислав Арӡынба изкны: ижәлар рыхьчара далагахьан анаукаҿы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Владислав Арӡынба изку адокументалтә фильм "Перо хеттолога", иахьа Аҟәа зӡыргара мҩаԥысуа, автор Џьамбул Инџьгьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ахеттологиа иазку иҭоурыхтә ҭҵаарақәа иахьа адунеи зегьы аҿы рхы ишадырхәо атәы.

Аргәынԥҳа: арыцҳара иақәшәаз ауаҩы иахьа уидымгылар, нас ихьшәахоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы иазгәалҭеит Аурыс театр актиор Рубен Депелиан ацхыраара иҭара Аԥсуа драматә театр иахәҭаны ишырыԥхьаӡаз атәы.