ru24.pro
World News in Abkhazian
Август
2020

Новости за 13.08.2020

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араион аҿы зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа ртәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа араион аҟны иныҟәараан излацәажәаз азҵаарақәа ртәы.

Инал Габлиа Гагратәи аҵара-ааӡаратә обиектқәа рзы: иҟаҵоу маҷым, аха ирыгугьы рацәоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи иааиуа аҵара шықәс ҿыц иахьынӡазыхиоу аилкааразы араион усутә ныҟәарала даҭааит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.

Аслан Бжьаниа Амина Аншԥҳа дидикылеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амина Аншԥҳа – аԥсуа ԥкьаҭмпыласҩы, 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа ачемпион, жәларбжьаратәи атурнирқәа риааиҩы. Иахьазы адунеитә таблица WTA ала 187-тәи аҭыԥ аҟны дыҟоуп.

Гамсаниаԥҳа аицлабра "Аԥсны агәадура" азы: амаҵураҿы зхы аазырԥшыша аҿар шыҟоу ҳнарбеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, аицлабра "Аԥсны агәадура" алԥшааратә комиссиа алахәыла Емма Гамсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит анапхгаҩцәа ҿарацәа реиндаҭлара иалахәыз рдыррақәа рзы.

Адипломатиа – иаамысҭашәоу занааҭуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Адәныҟатәи аусқәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ ааигәа аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аҭыԥ змаз ихымҩаԥгашьеи уи иаиуз ареакциеи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аладатәи арратә округ аруаа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Мызкы иназынаԥшуа Аладатәи арратә округ ахь ҿыц инаԥхьаз аруаа азеиԥшартәи хаҭалатәи аҽазыҟаҵарақәа ирыхрыжьит, иддырҵеит ахысшьатә ԥҟаррақәа, аруаҩ иԥҟаԥҵәеи иҭакԥхықәреи, абџьархкқәа рҟазшьақәа, Урыстәыла ари арратә базеи рҭоурыхи рытрадициақәеи.

Ахба: Ԥсоу аҳәаа иахыҵуа зегьы ԥсшьара иаауеит ҳәа аҳәара иашам

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аотелиерцәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы ҳтәылаҿы аус зуа асасааирҭақәа ахьынӡаҭәу, насгьы аԥсшьаҩцәа иарбан раионқәоу еиҳарак раамҭа рхыргарцаз иалырхуа.