ru24.pro
World News in Abkhazian
Июнь
2018

Новости за 25.06.2018

Аԥснытәи аспортсменцәа тхеквондо атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Курганск ақалақь аҟны рашәара 22-23 рзы имҩаԥысуаз, Урыстәыла ахьыԥшымра амш иазкыз тхеквондо азы атурнир иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа. Дара атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.

Енгин Ҭаскуач-иԥеи Муҳамед Иашбеи Ҭырқәтәыла Апарламент иадепутатцәахеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амҽыша, рашәара 24 рзы Ҭырқәтәыла иаатит абжьыҭиразы алхырҭатә ҭыԥқәа заанаҵтәи апрезиденттәи апарламенттәи лхрақәа рымҩаԥгаразы. Ԥшьҩык аԥсуаа Ҭырқәтәыла Апарламент ахь ркандидатурақәа ықәыргыла.

Ԥачулиа: ақырҭцәа Аԥсны рнырхара ҳәынҭқарратә усны иҟаҵан

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуа институт аҭҵаара усзуҩ Валикәа Ԥачулиа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақырҭцәа Аԥсны рнырхара шцоз. 80 шықәса раԥхьа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра Жәлар ркомиссариат аҟны еиҿкаан анхарҭа аԥсахразы ҷыдалатәи аҟәша.

Шамба: Аҟәатәи аџьармыкьа аҩныҵҟа ирҭиуа ахшлых агәаҭара иахысуеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Лассы-лассы аџьармыкьаҿы ирҭиуа афатә ахаҭабзиара агәыҩбара анузцәырнаго ыҟоуп. Ишԥеилкаатәу ахшлых ԥхасҭоу иԥхасҭаму, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аветеринартә-санитартә експертиза иатәу алабораториа анапхгаҩы Вадим Шамба.