Аршба: абылраҽацәыхьчара аԥҟара еилазго агәаҽанызаара анаҩс ахараԥса ршәароуп
Аҟәа ақалақьи араиони абылраҽацәыхьчаразы аинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аркади Аршба арадио Sputnik аҟны иҳәеит абылраҽацәыхьчара аԥҟарақәа еилазго ҳаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи аҽҳәара шрырҭо аҭагылазаашьа арҽеиразы.
