Амарихуана амазааразы хҩык амилиционерцәа аанкылоуп
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь днеиит дашшырц Гәылрыԥшь араион ауаҩԥсы. Иара иажәақәа рыла Драндатәи амилициа аҟәша аусзуҩцәа анаркотикатә маҭәашьар умоуп, ашьаус уаҳҭоит ҳәа дыршәаны 50 000 мааҭ аԥара ицәыргарц рҭахын.
